Аҳкәажәду Ҭамар


Contributors to Wikimedia projects

Article Images

Ҭамара – Қырҭтәыла аҳкәажәду (меԥе) лоуп[1]. Қырҭтәыла аҭоурых аҿы акыр зҵазкуа аамҭа анапхгаҩцәа дыруаӡәкын[1]. Лара Багратион адинастиа дахылҵит, аҳ Гьаргь III уи иԥшәма-ԥҳәыси аҳкәажәду Бурдуҳани (Алантәи аҳ Худан иԥҳа) рыԥҳа[2]. Ҭамара Аҳ Дауҭ IV Аргылаҩ иусура иацылҵон, насгьы Қырҭтәыла зегьы аҿы аиашахаҵара аларҵәараҿы, аныҳәарҭақәеи аберҭыԥқәеи рыргылараҿы лхы алалырхәит[2].

Аҳкәажәду Ҭамар
Ҭамар Ду
Қырҭтәыла аҳкәажәду

Амаҵураҭыԥ ахь:
1184 – 1209/1213

Аҳцәеи аҳкәажәдуцәеи раҳкәажәду, аԥсуааи, ақарҭцәеи, аранцәеи, аланцәеи (ауаԥсцәеи), акахцәеи, ашәамахьцәеи, Шьыруаншьеи Шьахьыншьеи раҳкәажәду, Мрагылареи Мраҭашәареи зегьы, Ари Адунеи Агәрахаҵареи ахьӡ-аԥша аиуааит, иаагаз Мессиаи.
Аԥхьа иҟаз Гьаргь III
Аҭынха Гьаргь IV Лаша


Ахатәы хьӡы თამარ მეფე
Аира 1166
Мцхеҭа, Қырҭтәыла
Аԥсра 1209/1213
Қарҭ, Қырҭтәыла
Аԥсыжра аҭыԥ Гелаҭтәи аберҭыԥ
Ахаҵа

1) Гьаргь (Иури), Андреи Анцәабзиабаҩы иԥа.

2) Дауҭ-Сослан
Ани аби

Гьаргь III

Будурҳан Ауаԥстәи
Ахәыҷқәа

Гьаргь IV Лаша

Русудан
Адин Ақырҭуа иашахаҵаратә уахәама
Анаԥынҵамҭа Анаԥынҵамҭа

1178 ашықәс азы Уԥлис-Цыхьаҿ Ҭамара агәыргьын лхарҵеит, лаб Гьаргь III ицнапхгаҩы лаҳасабла. Ари ҟалеит аҳиԥа Демнеи Орбелиани рыжәлеи рықәгылара ашьҭахьҵәҟьа, аҳ ҭынха димамызт, атәылаҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәаламызт. Аҳ данԥсы ашьҭахь, Ҭамара еиҭа агәыргьын лхарҵеит, уи мҩаԥган Гелаҭтәи аберҭыԥ аҿы (1184). Лара иаразнак аизараду еизылгеит, ауахәамаҿы ауадаҩрақәа раԥыхразы, насгьы административтә еиҿкаара ашьа-қәыргыларазы. Иаԥсамыз аԥсқәабазцәа акафедра аҟынтәи иқәгахеит, рымчра еилаганы зхы иазырхәоз анапхгаҩцәа иқәгахеит, ауахәамақәа руалԥшьақәа рҟынтәи рхы иақәиҭыртәит, анхацәа рҭагылазаашьа рзымариан, рыҩныҵҟатәи аҭынчра еиҭашьақәдыргылеит.

1185 ашықәсазы апатриарх, аԥсқәабазцәеи, аҳҭынрауааи зегьы еицҿакны ирыӡбеит Ҭамара қәыԥш лхаҵа иԥшаара, уи азы аҭуџьар Зоровавел Русҟа ддәықәырҵеит (еицырзеиԥшу иаша-хаҵаратә дин амзыз ала), уи Андреи Анцәабзиабаҩы (Боголиубски) иԥа Гьаргь диԥылеит[3](иара убасгьы Иури[4] ), «агәымшәара змаз арԥыс, аиҿартәышьа змоу, зыбла хызкуа»[3].

Зегьы аԥҳәысҳәаҩ иалырхыз иақәшаҳаҭхеит, аха Ҭамара лықәра иаҵанакуа аҟәыӷара змаз ус лҳәеит: "Ишԥаҟашәҵо абас еиԥш иҟоу ашьаҿа? Азыԥшра сышәҭа, ибзиарақәеи ицәгьарақәеи жәбаанӡа" . Аха аҳҭынрауаа рыӡбара иақәырӷәӷәеит, мчыла дақәшаҳаҭхеит, насгьы чара еиҿыркааит. — Антон Поспелов[3]


Ԥыҭрак ашьҭахь, Ҭамара лшәарақәа иашахеит: ақырҭуа хыҵхырҭақәа изларҳәо ала, Гьаргь арыжәтә дашьны ихы ааирԥшит, насгьы “ихәымгоу аусқәа рацәаны” иҟаиҵеит. Ҭамара ҩы-шықәсеи бжаки лхаҵа иҟазшьа бааԥсқәа лычҳаит, насгьы «иаԥсоу аберцәа рыла иара иахь лхы рханы, лхаҭа лабҿаба диқәыӡбо далагеит», аха Гьаргь еиҳагьы игәы ԥжәаны, еиҳагьы ақәхратә усқәа ҟаиҵо далагеит, анаҩс Ҭамара , «илабжышқәа каҭәаны, дхҵәаны ддәықәырҵеит, ҳәашьа змам амали аблахкыгақәеи иҭаны». Ихҵәаз Гьаргь 1187 шықәсазы Константинополь нхара далагеит[3].

Аилыҵра ашьҭахь, Ҭамара ԥасатәи лхаҵа лӷас дҟалеит, абырзенцәа рыр ду иманы Константинопольнтәи Қырҭтәылаҟа диасит, ирцәыӡыз аҳратә тәарҭа ирхынҳәырц. Иури идгылаҩцәа Қәҭешь ааныркылеит, Гегәыҭ аҳҭынраҿы агәыргьын ихадыргылеит, идгылаҩцәа Гори ақалақь аҟынӡа ажәыларақәа мҩаԥыргон, аха макьана ақәгылара ихәаҽын. Иури ҩаԥхьа дҭырцеит, идгылаҩцәа ахьырхәын (Џьакьели рыжәла рмазара рымхын). Уи ҟалеит 1191 ашықәс азы. Ҭамара лхаҵа иакәны, арқәа рнаԥхгаҩыс дыҟаны, Гьаргь (Иури) Двини егьырҭ аермантә дгьылқәеи аԥсылманцәа рҟынтәи рхы иахақәиҭитәыз азы, аермантә хыҵхырҭақәа, ақырҭуа хыҵхырҭақәа реиԥшымкәа, иара ҳаҭырқәҵарала, изнеиуеит[5][6].

Иури раԥхьаӡа ахҵәара ашьҭахьҵәҟьа, Ҭамара ҭаацәара ҿыцк далалеит - лхәыҷратә ҩыза, ауаԥстәи[7] аҳиԥа Дауҭ-Сослан дицны.

Уи ашьҭахь Ҭамара ақәыларатә политика аалыртуеит. Тебризи Арзеруми лнапаҿы иаалгоит, Ардабилтәи асулҭан дииааиуеит. Шьамҳортәи аибашьра (1195) ахьӡ-аԥша ду лзаанагоит, уи абжьы уаҳауеит ибертәи аҳкәажәду Динара илызку аурыс аҳәамҭа. Лара аиааиратә ныҟәара хыркәшоуп (1203) Алеппо асулҭан Нукардин диааины[1].

1210 шықәсазы, лара Мысра асулҭан Аль-Адиль I Абу Бакр ибн Аиуби иареи ҩажәижәабашықәсатәи аҭынчра рыбжьарҵеит. .

Ҭамар аҳкәажәду ҳәа дыԥхьаӡан Понт инаркны Гурган (Каспиантәи) аҟынӡа, Сԥери (Ҭрабзон инаркны Карс аҟынӡа ацәаҳәа) Дербент аҟынӡа, “Ҳазартәылеи Скифиеи”[1].

Лара лымчра аамҭан агәрыцҳашьареи аиашареи девизс илыман: «Сара аиаҭымцәа раб соуп, аԥҳәысеибацәа рыӡбаҩ соуп», — лҳәон Ҭамара.

Ҭамара дыԥсыз ашықәс ииашаҵәҟьаны еилкааӡам, уи 1209, 1210, ма 1213 шықәсқәа ҳәа иԥхьаӡоуп; Начармагевитәи атәарҭаҿ дычмазаҩхеит. Анаҩс Ҭамара Қарҭ азааигәара иҟаз Агаранитәи абааш ахь диасит (иҟалап иахьатәи Коџьоритәи абааш акәзар), уаҟа дыԥсит. Лыԥсыбаҩ Мцхеҭаҟа ииаргеит, нас Гелаҭҟа, уа анышә дамардеит. Аха иахьа уажәраанӡа анышә дахьамадаз аҭыԥҵәҟьа еилкаам, археологиатә ҭҵаарақәагьы алҵшәақәа рзаанамгаӡеит. Иҟоуп еиуеиԥшым версиақәа лара дахьамадоу, Палестина анышә дамардеит ҳәа агәаанагарагьы уахь иналаҵаны[8].

  1. 1,0 1,1 1,2 1,3 Ҭамар Ду, Қырҭтәыла аҳкәажәду..
  2. 2,0 2,1 Kavkazmonitor - Ауаԥсцәеи и Қырҭтәылеи.
  3. 3,0 3,1 3,2 3,3 Поспелов Антон, Аҳкәажәду Цқьа ҬАМАР ДУ. Ақырҭуа ҩырақәа рыла лыԥсҭазааранҵа.
  4. Иҟоуп еиуеиԥшым ахыцҳырҭақәа рҿы џьара-џьара дануп Иури иаҳасабла.
  5. Агәыргьын зхаҵоу рҭоурыхи рҽхәаԥхьыӡқәеи.
  6. И.А. Атаџьаниан, Агәыргьын зхаҵоу рҭоурыхи рҽхәаԥхьыӡқәеи, Ереван, 2006.
  7. Дауҭ-Сослан алантәи аҳиԥа иакәын. Ишаҳдыруа еиԥш аланқәеи ауаԥсқәеи жәларык ауп.
  8. Аҳкәажәду Ҭамара.